Jump to content

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа

From Wikisource
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа (1994)
291359Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа1994
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа

Ҳарҭ, Аҧсныжәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аҧсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыҧла аҧсҭазаареи аҩнуҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәҧо, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, егьышьақәҳаргылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа.

АКТӘИ АХЫ. АКОНСТИТУЦИАТӘ ШЬАҚӘГЫЛАШЬА АШЬАҬАҚӘА

[edit]

АХӘҬАҶ 1 Аҧсны - жәлар рхатәҳәаақәҵаратә зин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз, суверентә, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп. Ахьыӡқәа "Аҧсны" ("Аҧсны Аҳәынҭқарра"), "Республика Абхазиҕ" ҵакыла акоуп, еиҟароуп.

АХӘҬАҶ 2. Ажәлармчра - Аҧсны аҳәынҭқарратә мчра шьаҭас иамоуп. Аҧсны асуверенитет ныҟәгаҩыси уи амчра хыҵхырҭаси иамоу Аҧсныжәлар роуп. Ажәлар рымчра аҧсҭазаара иаладырҵәоит дара рхала ма рхаҭарнакцәа рыла.

АХӘҬАҶ 3. Аҧсны - жәларбжьаратәи азин иалахәу-егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи иареи рыбжьара ишьақәнаргылоит аиқәшаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа. Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵашьеи, акьыҧхь рарбашьеи, рышьақәырӷәӷәашьеи, рҧыргашьеи шьақәыргылахоит закәанла.

АХӘҬАҶ 4. Аҧсны шьақәгылоуп араионқәеи (Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Гәылрыҧшьтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи) ақалақьқәеи (Гагра, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал) зҵазкуа аҭоурыхтә дгьылқәа Саӡны, Бзыҧын, Гәма, Дал-Ҵабал, Абжьуа, Самырзаҟан рыла. Аҧсны иаку, лакьысра зқәым, зыцәгара ҟамло тәылоуп.

АХӘҬАҶ 5. Адгьыли егьырҭ аҧсабаратә аагарҭақәеи ажәлар ирхатәуп, Аҧсны аҩнуҵҟа урҭ рхы иадырхәоит егьырыхьчоит ажәлар рыҧсҭазаареи рџьауси шьаҭас изларымоу ала. Аҧсабаратә аагарҭақәа рныҟәгашьеи рхархәашьеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҭыҧ иқәҵахоит Аҧсны азакәанқәа рыла.

АХӘҬАҶ 6. Аҧсны ҳәынҭқарра бызшәас иамоуп аҧсуа бызшәа. Аурыс бызшәа, аҧсуа бызшәа инаваргыланы, аҳәынҭқарратәии егьырҭ еиуеиҧшым аусҳәарҭақәеи рыҟны ахархәара амоуп. Аҧсны иқәынхо егьырҭ ажәлар гәыҧқәа зегьы рхатәы бызшәа иақәиҭны ахархәара аҳәынҭқарра азин рнаҭоит.

АХӘҬАҶ 7. Аҳәынҭқарратә мчра Аҧсны имҩаҧгахоит азакәанҧҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи мчрақәа рыла еихшаны. Азакәанҧҵаратәи, анагӡаратәи, аӡбаратәи - ихьыҧшым мчрақәоуп.

АХӘҬАҶ 8. Аҧсны ахархәара аманы иршьоит иагьалдыршоит аҭыҧантәи ахаланапхгара, иара азинмчхарақәа рыҩнуҵҟа ахақәиҭра аманы. Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа реилазаара иалаӡам.

АХӘҬАҶ 9. Абри Аконституциа иреиҳаӡоу азинтә мчра амоуп. Аҧсны ирыдыркыло азакәанқәеи егьырҭ азинтә нҵақәеи Аконституциа иашьашәалазароуп.

АХӘҬАҶ 10. Аҧсны ахатә ҳәынҭқарратә символика амоуп - аҳәынҭқарратә бираҟ, адырга, ахьыӡрашәа - урҭ шеиқәыршәатәу шьақәдыргылоит Аконституциатә закәанқәа рыла. Аҟәа (Сухум) - Аҧсны иаҳҭнықалақьуп.

АҨБАТӘИ АХЫ. АУАҨИ АТӘЫЛАУАҨИ РЗИНҚӘЕИ РХАҚӘИҬРАҚӘЕИ

[edit]

АХӘҬАҶ 11. Аҧсны рықәшаҳаҭуп егьахьчоит ауаҩы изинқәа Еицырзеиҧшу Адекларациеи, аекономикатә, асоциалтә, аполитикатә, акультуратә, атәылауаҩратә зинқәа ирзынархоу Жәларбжьаратәи Апактқәеи, иара убас егьырҭ еицеиқәшаҳаҭны ирыдыркылахьоу жәларбжьаратә-зинтә нҵақәа зегьы рыҟны иарбоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи.

АХӘҬАҶ 12. Ауаҩы ицшоуп ихадароу азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Азакәани аӡбареи рҿаҧхьа зегьы еиҟароуп милаҭлеи, хаҵалеи, ҧҳәыслеи, бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыҧлеи, динлеи, дунеихәаҧшышьалеи, идеологиалеи, цәаҧшшәахәылеи ҳәа еилых ҟамҵакәа.

АХӘҬАҶ 13. Ауаҩы ҧсабарала имоуп аҧсҭазаареи, ахақәиҭреи, ахатә мали, аӡә диламкьысуа аҟазаареи рзин.

АХӘҬАҶ 14. Дарбанзаалак ауаҩы ихатә ҧсҭазаареи, ихатәи, иҭаацәаратә маӡеи, ихьӡ-иҧша ахьчареи, инамыси, идинхаҵареи, ирҿиаратә уси, ихәыцреи, иажәеи, идунеихәаҧшышьеи дрықәиҭуп.

АХӘҬАҶ 15. Дарбанзаалак ауаҩы ирҳәацәара, иргәаҟра, иаҳаҭыр аларҟәра, иакәым иақәыршәара залшом.

АХӘҬАҶ 16. Дарбанзаалак ауаҩы дақәиҭуп дахьцо-дахьаауа, иҭыӡҭыҧ алхра, шәҟәыла-быҕьшәыла, егьырҭ ацҳаражәҳәарақәа рыла аимадара амаӡа.

АХӘҬАҶ 17. Ауаа зегьы ахеидкылареи, аҭынчратә еизарақәеи, аицымҩасрақәеи рымҩаҧгара азин рымоуп.

АХӘҬАҶ 18. Аконституциатә шьақәгылашьа мчыла аҧсахра, аҳәынҭқарра ашәарҭа аҭаргылара, бџьарла еибыҭоу архәҭақәа реиҿкаара, ауаа социалла, милаҭла, динла реичырчара хықәкыс измоу ауаажәларратә хеидкылақәеи, апартиақәеи, аҵысрақәеи реиҿкаара ҟалом.

АХӘҬАҶ 19. Дарбанзаалак ауаҩы дрықәиҭуп аҩны-агәара, аекономикатә, аџьатә хақәиҭра, аҵарадырра, аҧсшьара, ахәшәтәыратә цхыраара, асоциалтә маншәалара.

АХӘҬАҶ 20. Ауаҩы иҩны-игәара лакьысра ақәым. Аӡәгьы азин имам, изтәу дазыразымкәа, иҩны аҩналара, закәанла ианышьақәыргылои аусӡбара азин анинаҭои рыда.

АХӘҬАҶ 21. Дарбанзаалак ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи аҳәынҭқарреи аусӡбареи ишырыхьчо ала агәрагара имазароуп.

АХӘҬАҶ 22. Аҧсны аус ауеит ахарадара апрезумпциа. Ахара здырҵо хара имам хәа дыҧхьаӡоуп, ахара шиду еилкаахаанӡа, азакәантә мчы зоухьоу аусӡбаратә лахьыҭарала ишьақәыргылахаанӡа. Ахара здырҵо ахара шидым ашьақәырӷәӷәара иара иуалӡам.

АХӘҬАҶ 23. Дарбанзаалак иаанкылоу ма иҭакыу ауаҩы, данааныркыла ма данҭарк инаркны, азин имоуп адукат ицхыраара ихы иаирхәар, азин имоуп иара убас идукат дыҟамкәа иҿахәы римҭар.

АХӘҬАҶ 24. Иҟаиҵаз ацәгьоуразы аҵыхәтәантәи ахарадҵарала ахара здырҵахьоу дарбанзаалак иара убри ацәгьоуразы еиҭа иусӡбара залшом.

АХӘҬАҶ 25. Аҭакҧхықәра шьақәзыргыло ма изырымчуа азакәан ҿыц ииасхьоу аус аилыргараан мчы амаӡам.

АХӘҬАҶ 26. Дарбанзаалак азин имоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амаҵурауааи закәандарала иахьизныҟәаз иахҟьаны иоуз аҧырхага аҳәынҭқаррала ахарҭәаара.

АХӘҬАҶ 27. Аҧсны атәылауаҩ ҳәа иҧхьаӡоу ари ахьӡ зихыххом, итәыла дзалцахом, насгьы даҽа ҳәынҭқаррак дзаҭахом. Аҧсны иара атәылауаа агәра днаргоит, урҭ атәыла анҭыҵгьы ишахьчо, ишырхылаҧшуа.

АХӘҬАҶ 28. Жәаа шықәса зхыҵыз Аҧсны атәылауаҩ абри Аконституциеи Аҧсны азакәанқәеи ишьақәдыргылаз азинқәеи ауалҧшьақәеи зегьы инагӡаны инапаҿы иҟоуп.

АХӘҬАҶ 29. Аҧсны атәылауааи уи иқәынхо зегьи ируалуп азакәан инақәыршәаны ашәахтәқәа ршәара.

АХӘҬАҶ 30. Аҧсны иҟоу дарбанзаалак иуалуп Аҧсны азакәанқәеи Аконституциеи рықәныҟәара.

АХӘҬАҶ 31. Дарбанзаалак ауаҩы иуалуп егьырҭ ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи ҳаҭыр рықәҵара.

АХӘҬАҶ 32. Дарбанзаалак ауаҩы иуалуп иааикәыршаны иҟоу аҧсабара аиӡаҳареи ахьчареи.

АХӘҬАҶ 33. Аҧсадгьыл ахьчара Аҧсны атәылауаа зегьы ируалҧшьоуп.

АХӘҬАҶ 34. Аконституциаҿы иалкаау зинқәак реиқәыҧхьаӡара иаанагом ажәларбжьаратә-зинтә нҵақәа рыла еицрыдыркылаз егьырҭ азинқәа мап рыцәктәуп ма иларҟәтәуп ҳәа.

АХӘҬАҶ 35. Аҧсны ирыдрымкылароуп егьҭырмыжьроуп ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи аҧызхуа ма илазырҟәуа закәанк иадамхаргьы.

Азинқәеи ахақәиҭрақәеи рыҧкрақәак алагалазар ҟалоит конституциатә закәан мацарала Аконституциатә шьақәгылашьа ахьчаразы, ашәарҭадареи ауаажәларратә еиҿкаареи рырӷәӷәаразы, ауаҩы игәабзиареи инамыси рыхьчаразы, иара убасгьы аҧсабаратә рыцҳарақәеи, иӡыдоу ма аибашьратә ҭагылазаашьеи раан.

АХҦАТӘИ АХЫ. АЗАКӘАНҦҴАРАТӘ МЧРА

[edit]

АХӘҬАҶ 36. Ари Аконституциа ишьақәнаргылаз азакәанҧҵаратә зинмчхарақәа зегьы Жәлар Реизара - Апарламент имҩаҧнагоит.

АХӘҬАҶ 37. Аҧсны Жәлар Реизара шьақәгылоуп 35-ҩык адепутатцәа рыла.

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаҧысуеит зегьы еицырзеиҧшу, еиҟароу, изныктәиу алхратә зинтә шьаҭа инақәыршәаны, маӡа бжьыҭирала.

Жәлар Реизара азинмчхарақәа ҿҳәарас ирымоуп хәы-шықәса.

Жәлар Реизара адепутатцәа ралхшьа аҧҟарақәа шьақәнаргылоит аконституциатә закәан.

АХӘҬАҶ 38. Аҧсны Жәлар Реизарахь ддепутатхарц илшоит 25-шықәса зхыҵуа, алхратә зин змоу дарбанзаалак Аҧсны атәылауаҩ.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ма Аминистрцәа Реилазаара иалахәу, насгьы аҳәынҭқарратә усбарҭа аилазаареи аӡбаратә усҳәарҭақәеи ирыҵанакуа амаҵураҭыҧқәа аанызкыло, мамзаргьы аҧара зхыршәаауа даҽа усурак знапы алаку, арҵаҩратә, анаукатә, арҿиаратә усқәа аламҵакәа, Жәлар Реизара алахәхара илшом.

Жәлар Реизара адепутатцәа Жәлар Реизараҿы имҩаҧырго русуразы Аҧсны Аҳәынҭқарра ирзоунажьуеит рџьабааҧса.

АХӘҬАҶ 39. Жәлар Реизара адепутатцәа рылакьысра зинӡам, урҭ рымчхара аҿҳәара ааиаанӡа. Урҭ раанкылара, рҭакра, реимдара азин ыҟам, ацәгьара ахьыруз аҭыҧ аҿы иаанкыламзар, иара убасгьы хаҭала ргәаҭара залшом, егьырҭ ауаа ашәарҭа иҭазыргыло дара акгьы рыдбаламзар. Рыламкьысра аҧыхра азҵаара Жәлар Реизара иаӡбоит.

АХӘҬАҶ 40. Жәлар Реизара адепутатцәа руалҧшьа анагӡараҿы ралхцәа рыдҵала иҿаҳәахарц залшом.

АХӘҬАҶ 41. Ҿыц иалху Жәлар Реизара раҧхьатәи аилатәара ааиҧхьоит Аҧсны Ахада алхрақәа рышьҭахь мызкы аҩнуҵҟала.

АХӘҬАҶ 42. Жәлар Реизара иара аилазаара аҟынтәи иалнахуеит Аиҳаби уи ихаҭыҧуааи, егьырҭ амаҵурауааи, еиҿнакаауеит акомиссиақәеи агәыҧ 3ыдақәеи.

Жәлар Реизара Аиҳабы Жәлар Реизара аилатәарақәа мҩаҧигоит, Жәлар Реизара адепутатцәа рзинмчхарақәа рынагӡараҿы ацхыраара риҭоит, иаҭаху адыррақәа рыла еиқәиршәоит, Жәлар Реизара ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩуеит.

Аиҳабы далырхаанӡа, ҿыц еиҿкаау Жәлар Реизара раҧхьатәи аилатәара мҩаҧигоит қәрала дара зегьы иреиҳабу Жәлар Реизара адепутат.

АХӘҬАҶ 43. Ҿыц иалху Жәлар Реизара аусура ианалага инаркны уанӡатәи Жәлар Реизара азинмчхарақәа нҵәоит. Жәлар Реизара имҩаҧнагоит шықәсык ҩ-еилатәарак (ааҧынтәи аилатәара, ҭагалантәи аилатәара).

Жәлар Реизара аусушьа арегламент иҳәаақәнаҵоит.

АХӘҬАҶ 44. Жәлар Реизара иаӡбозаалак иаҭаху адепутатцәа рхыҧхьаӡара ыҟазароуп. Азакәанҧҵаратә нҵақәа рыдкыларазы, 3ыдала Аконституциа иазгәанаҭаз акы акәымзар, иҟазароуп Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиҧш хыҧхьаӡара аҟынтә реиҳараҩык. Аконституциатә закәани даҽа закәанқәаки рыдкылара аан иҟазароуп ахҧа рыҩхәҭак ирыҵаркуа рбыжьқәа Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиҧш хыҧхьаӡара аҟнытә.

АХӘҬАҶ 45. Жәлар Реизара иаднакылаз иарбан закәанӡбатәзаалак Аҧсны Ахада изнагалатәуп. Аҧсны Ахада инапы аҵаиҩыр, уи азакәанӡбатә акьыҧхь иаирбоит Жәлар Реизара ианаднакылаз инаркны жәохәымш рыҩнуҵҟала. Азакәан амч аиуеит ианыркьыҧхь инаркны, еиҳа ихьшәаны азакәан амч аиура, азакәан ахаҭа ианышьақәнаргыло ада. Азакәанӡбатә Аҧсны Ахада дақәшаҳаҭымзар, уи Жәлар Реизарахь иргьежьуеит, дзықәшаҳаҭым азгәаҭаны. Аҩынтәтәи ахәаҧшра аан ахҧа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абжьқәа рыла азакәанӡбатә рыдыркылазар, Аҧсны Ахада инапы аҵаиҩыроуп, егьҭижьроуп. Аҧсны Ахада азакәанӡбатә аниоу инаркны жәамш рыҩнуҵҟала Жәлар Реизарахь имыргьежьзар, усҟан азакәанӡбатә закәанхоит, Аҧсны Ахада инапы аҵаиҩызар еиҧш. Азакәанӡбатә закәанхаӡом аилатәара ахгара иахҟьаны Аҧсны Ахада Жәлар Реизарахь измыргьежьзар.

АХӘҬАҶ 46. Аҧсны Жәлар Реизараҿы азакәанҧҵаратә ҧшьгара азин рымоуп Жәлар Реизара адепутатцәеи, Аҧсны Ахадеи, Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбареи, Аҧсны Апрокурор Хадеи.

АХӘҬАҶ 47. Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар РеизараҚ

1) иаднакылоит Аконституциеи Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи;

2) иаднакылоит аҭыҧантәи аҳәаақәа рыҧсахрақәа ирызку ақәҵарақәа;

3) иазыӡырҩуеит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи, нас урҭ рымҩаҧгареи ирызку Аҧсны Ахада инашьҭымҭақәа;

4) иахәаҧшуеит егьышьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарра абиуџьет, уи анагӡарагьы хылаҧшра азнауеит;

5) иаднакылоит ашьауҕатә, ашьауҕатә-усеилыргаратә, амҩақәҵаратә-џьатә, атәылауаҩратә, атәылауаҩратә-усеилыргаратә, аиныршәаратә уҳәа азакәанҧҵарақәа, аӡбареиҿкаареи апрокуратуреи ирызку азҵаарақәа;

6) имҩаҧнагоит Аконституциеи Аҧсны азакәанқәеи реилыркаара иазку аусқәа;

7) ишьақәнаргылоит Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә, арратә хьӡалкаақәеи;

8) ишьақәнарӷәӷәоит, ишыҧнарго рыланаҳәоит Аҧсны Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;

9) иалнахуеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳаби уи ихаҭыҧуааи;

10) амаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит, азакәан инақәыршәаны, Аҧсны Ахада иқәиргыло Апрокурор Хадеи, Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, егьырҭ амаҵурауааи;

11) иаднакылоит Аминистрцәа Реилазаара иалахәу џьоукы бжьыҭирала иӡбоу рыгәрамгара рылаҳәара иазку ақәҵарақәа;

12) Аҧсны Ахада ахара иднаҵоит уи имаҵура нижьразы;

13) ирыланаҳәоит амнистиа;

14) иаӡбоит аибашьра рылаҳәареи аинышәара рыбжьаҵареи ирызку азҵаатәқәа;

15) иаӡбоит Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыламкьысра азҵаатәқәа;

16) иаӡбоит иӡыдоу аҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи ралагалара ахьынӡазинрку;

17) инанагӡоит Аконституциеи Аҧсны азакәанқәеи иадырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.

АҦШЬБАТӘИ АХЫ. АНАГӠАРАТӘ МЧРА

[edit]

АХӘҬАҶ 48. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа анагӡаратә мчра Аҧсны Ахада имадоуп.

Аҧсны Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра хыс дамоуп.

АХӘҬАҶ 49. Аҧсны Ахада иалхра мҩаҧысуеит зегьы еицырзеиҧшу, еиҟароу, изныктәиу алхратә зин ашьаҭала, маӡа бжьыҭирала, хәы-шықәса аҿҳәара аҭаны.

Аҧсны Ахадас далырхуеит милаҭла иаҧсуоу, 35-шықәса иреиҵамкәа, қџ-шықәса иреиҳамкәа изхыҵуа, алхра азин змоу Аҧсны атәылауаҩ.

Аҧсны Ахадас аӡәы инеиҧынкыланы ҩ-ҿҳәарак иреиҳаны иалхра залшом.

АХӘҬАҶ 50. Аҧсны Ахада имчхарақәа рынагӡара далагоит ҭоуба аниу инаркны, имчхарақәа рынагӡара даҟәыҵуеит иҿҳәара анааилак, ҿыц иалху Аҧсны Ахада ҭоуба аниу инаркны. Аҧсны Ахада иалхшьеи, иалхра аҿҳәареи шьақәыргылахоит конституциатә закәанла.

АХӘҬАҶ 51. Аҧсны Ахада имаҵура данахагыло, Аҧсны Жәлар Реизараҿы ҭоуба иуеит Иреиҳаӡоу Аӡбара аӡбаҩцәа адҧхьаланы. Аҭоуба атекст Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәоит.

АХӘҬАҶ 52. Аҧсны Ахада изинмчхарақәа неигӡонаҵы, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкыларақәеи иҽрылаирхәуам.

Аҧсны Ахада Жәлар Реизара дадепутатӡам, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа ирыҵаркәа иарбанзаалак даҽа маҵурак идикылар ҟалом, ахаҧшьгаратә налаҵаны.

Аҧсны Ахада ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа раан иусуразы ианашьахоит иџьабааҧса Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟынтә.

АХӘҬАҶ 53. Аҧсны Ахада:

1) дырхылаҧшуеит ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи, Аконституциеи Аҧсны азакәанқәеи, уи ажәларбжьаратә хыдҵақәеи рынагӡашьа;

2) иҳәаақәиҵоит аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа;

3) аҳәынҭқарра дахаҭарнакуп ажәларбжьаратә усқәа рҟны;

4) инапы рыҵаиҩуеит аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;

5) имҩаҧигоит Аҧсны ашәарҭадареи аҳәаақәа рыламкьысреи рзы иаҭаху аусқәа, еиҿикаауеит, хадарагьы азиуеит зыстатус закәанла иҳәаақәҵахо Ашәарҭадара Асовет;

6) ишьақәирӷәӷәоит Аҧсны аибашьратә доктрина;

7) Аҧсны Ар Ҧызас дрымоуп;

8) аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи рҟны Аҧсны адипломатиатә хаҭарнакцәа ықәиргылоит, ирхынҳәуеит;

9) ишьақәирӷәӷәоит аҳәынҭқарратә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә, амилаҭтә ҿиара апрограммақәа;

10) Аҧсны иахьаҵанакуа иалиршоит афинанстә, акредиттә политикеи, анаука, аҵараиура, акультура, агәабзиара, аекологиа, асоциалтә еиқәшәара ирыдҳәалоу аполитикеи рымҩаҧгара;

11) иалиршоит атәылауаҩра, ахатә мал азыҟазаашьақәа, абиуџьет-финанстә система, ашәахтәқәҵара, иааҳакәыршан иҟоу аҧсабара ахьчара, аҳәынҭқарратә маҵура рызҵаарақәа иаку рзакәанҧҵаратә мҩақәҵара;

12) Жәлар Реизара аилатәарақәа рылатәара азин имоуп, ианааиҭаххо аамҭазгьы ажәа иҭалатәуп;

13) атәылауаа ршәарҭадара ахьчаразы, азакәан инақәыршәаны Аҧсны иалеигалоит а3ыдаҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи, убри анаҩс урҭ аҭагылазаашьақәа Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәоит;

14) Аҧсны Жәлар Реизараҿы иара изинмчхарақәа инарықәыршәаны иқәиргылоит Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, Апрокурор Хадеи, егьырҭ амаҵурауааи ркандидатурақәа, иара убас Жәлар Реизара иалеигалоит урҭ рхы рақәиҭтәра азҵаарагьы;

15) ишьақәиргылоит Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаҧгара;

16) амаҵура иеиҭоит иагьамихуеит Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны анагӡаратә мчра ахадацәа;

17) дрыхәаҧшуеит анагӡаратә мчра аусбарҭақәа реиҿкаареи русушьеи рызҵаарақәа;

18) аминистррақәа, аусҳәарҭақәа, араионқәа, ақалақьқәа рхадацәа, иара убас аҭыҧантәи ахаланапхгара рынҵақәа аҧихуеит, урҭ Аҧсны Аконституциеи азакәанҧҵареи ирҿагылозар;

19) ирылеиҳәоит ареферендум ихаҧшьгарала, Жәлар Реизареи Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбареи рыдҵала, азакәан ишаҳәо инақәыршәаны;

20) Жәлар Реизарахь инеигоит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи ртәы зҳәо есышықәсатәи анашьҭымҭақәа, инеигоит аҳәынҭқарратә биуџьетӡбатәқәеи, уи анагӡара иазку аҳасабырбеи;

21) азин имоуп Жәлар Реизара изаамҭаным аилатәарақәа рааҧхьара;

22) иӡбоит азакәан инақәыршәаны Аҧсны атәылауаҩра азҵаарақәа;

23) иалиршоит ахара анажьра;

24) иранеишьоит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, ириҭоит аҳаҭыртә, арратә иара убас иӡыдоу ахьыӡлкаақәа;

25) ишьақәиргылоит астандартқәа, аеталонқәа, акапанреи ашәага-загеи ракқәа;

26) инеигӡоит Аконституциеи Аҧсны азакәанқәеи идырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.

АХӘҬАҶ 54. Аҧсны Ахада дицалырхуеит уи Ихаҭыҧуаҩгьы. Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ икандидатура ықәиргылоит Аҧсны Ахада иҭыҧ ахь кандидатс иҟоу.

Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩыс далхзар ҟалоит алхра азин змоу, 3џ-шықәса иреиҵам, қџ-шықәса иреиҳам Аҧсны атәылауаҩ.

Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ, изинмчхарақәа неигӡонаҵы, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкылақәеи иҽрылаирхәуам.

Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Жәлар Реизара дадепутатӡам, иарбанзаалак егьырҭ аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа ирыҵаркуа маҵурак дахагылар ҟалом, аиҿырцааратәқәагьы налаҵаны.

Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ ианашьахоит иџьабааҧса, уи иазыҧҵәоу аамҭақәа инарықәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟнытә.

АХӘҬАҶ 55. Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Аҧсны Ахада идҵала инаигӡоит уи инапынҵақәак, Аҧсны Ахада диҧсахуеит, уи даныҟам ма иусқәа рынагӡара анилымшо.

АХӘҬАҶ 56. Атәыла зегьы аҿы анагӡаратә мҩаҧгатәқәа азеиҧш хылаҧшра рыҭаразы Аҧсны Ахада Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара напхгара азиуеит.

Аминистрцәа Реилазаара шьақәиргылоит Аҧсны Ахада, уи иара инапаҵаҟагьы иҟоуп.

Аминистрцәа Реилазаара иалахәуп Аҧыза-министр, Аҧыза Ихаҭыҧуаа, Аминистрцәа, закәанла иазгәаҭоу егьырҭ амаҵурауаа.

АХӘҬАҶ 57. Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара ишынеибаку ма уи иалахәу џьоукы рмаҵура ааныжьра азин рымоуп. Амаҵура ааныжьра Аҧсны Ахада иҿаҧхьа иқәдыргылоит. Уи азин имоуп идикылар ма мап ацәикыр.

АХӘҬАҶ 58. Аҧсны Жәлар Реизара Аминистрцәа Реилазаара иалоу руаӡәк иахь агәрамгара аанарҧшыр, усҟан уи азҵаара Аҧсны Ахада иҿаҧхьа иқәнаргылар алшоит. Азҵаара ҵыхәаҧҵәала изыӡбогьы Аҧсны Ахада иоуп.

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аиҿкаареи аусуреи ҳәаақәҵахоит конституциатә закәанла.

АХӘҬАҶ 59. Аҧсны Ахада изинмчхарақәа рхархәара залшом Аконституциатә шьақәгылашьа аҧсахразы, закәанла иалху егьырҭ аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа реимырпразы ма русура аанкыларазы.

АХӘҬАҶ 60. Аҧсны Ахада, иара изинмчхарақәа рҳәаақәа дырҭымҵкәа, аус зуа азакәанҧҵара ашьаҭала, насгьы уи анагӡарала иҭижьуеит Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо амч змоу аусҧҟақәеи адҵақәеи.

АХӘҬАҶ 61. Аконституциеи Аҧсны азакәанқәеи ирықәымшәо Аҧсны Ахада иқәҵарақәа аҧыхзар ҟалоит Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбара ақәҵарала.

АХӘҬАҶ 62. А3ыда ҭагылазаашьеи, аҧсабаратә рыцҳарақәеи, аибашьрақәеи раан Аҧсны Ахада азин имоуп иҭижьыр азакәан мчы змоу, хымҧада иаарласӡаны инагӡатәу, иара убри аамҭазыҵәҟьа Жәлар Реизарахь инацҳатәу ақәҵарақәа.

АХӘҬАҶ 63. Аҧсны Ахада ихаҭара лакьысра ақәым. Аҧсны Ахада ихьӡ-иҧшеи иаҳаҭыри азакәан иахьчоит.

АХӘҬАҶ 64. Аҧсны Ахада иҭоубеи, Аконституциеи, Аҧсны азакәанқәеи еилеигар, имаҵура дамхзар алшоит.

Абри аҩыза ақәҵара аднакылоит Аҧсны Жәлар Реизара, Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбара аихшьала шьаҭас иҟаҵаны, Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиҧш хыҧхьаӡара аҟнытә ахҧа рыҩхәҭак ирыҵаркуа еиҳау бжьыла, маӡа бжьыҭирала.

АХӘҬАҶ 65. Аҧсны Ахада ианааиҭахыу аамҭазы имаҵура аанижьыр илшоит. Имаҵура ааныжьра азҵаара аӡбоит Аҧсны Жәлар Реизара. Аӡбара рыдыркылоит ахҧа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абыжьқәа рыла.

АХӘҬАҶ 66. Аҧсны Ахада дамырхыр, иҧсҭазаара далҵыр, имаҵура нижьыр ма изинмчхарақәеи иусқәеи рынагӡара илымшар, урҭ иусқәа ыиасуеит Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ иахь. Аҧсны Ахадагьы, уи Ихаҭыҧуаҩгьы рмаҵура иамырхыр, иҧсыр, рмаҵура аанрыжьыр, ма Аҧсны Ахада иусқәа рынагӡара рылымшар, урҭ аусқәа ыиасуеит Аҧсны Аҧыза-министр иахь. Аҧсны Ахада иусқәа рынагӡара ари ахәҭа3 аҿы еиқәыҧхьаӡоу аӡәгьы илымшар, урҭ аусқәа ыиасуеит Жәлар Реизара Аиҳабы иахь.

АХӘҬАҶ 67. Аҧсны Ахада иусқәа назыгӡо ауаҩы изинмчхарақәа амч рымоуп, Аҧсны Ахада иусқәа рынагӡара илзмыршо амзызқәа аҧыххаанӡа, ма Аҧсны Ахада ҿыц далырхаанӡа. Аҧсны Ахада ҿыц иалхрақәа мҩаҧгахароуп хымыз рыҩнуҵҟала. Убысҟан Аҧсны Ахада иусқәа назыгӡо азин имаӡам ареферендум рылаҳәара, Аҧсны Аконституциа арҽеирақәеи аиҭахәаҧшреи ирызку ажәалагалақәа рықәыргылара.

АХӘБАТӘИ АХЫ. АӠБАРАТӘ МЧРА

[edit]

АХӘҬАҶ 68. Азинӡбара Аҧсны иназыгӡо аӡбара мацароуп. Анхамҩатә еимакрақәа еилнаргоит Аиныршәаратә ӡбара. Аӡбареиҿкаара Аҧсны ишьақәыргылахоит конституциатә закәанла.

АХӘҬАҶ 69. ӡбаҩцәас иҟалар рылшоит 2ҵ-шықәса зхыҵыз, иреиҳаӡоу азинҵара иалгахьоу, азинтә занааҭла хәы-шықәса иреиҵамкәа аусура аҧышәа змоу Аҧсны атәылауаа. Аҧсны Аиныршәаратә ӡбара Аиҳаби уи аӡбаҩцәеи алнахуеит Аҧсны Жәлар Реизара Аҧсны Ахада иажәалагалала.

АХӘҬАҶ 70. Аӡбаҩ иусқәа рынагӡара иалеигӡар ҟалом иарбанзаалак даҽа ҳәынҭқарратә маҵурак ма аџьаҧса зхыршәаауа иарбанзаалак усурак, арҵаҩратә, анаукатә, арҿиаратә усқәа ракәымзар.

Аӡбаҩцәа иазалху аҿҳәарақәа рзы иранаршьоит рџьабааҧса аҧара Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟнытә.

АХӘҬАҶ 71. Аӡбаҩцәа алырхуеит хәы-шықәса ҿҳәарас ирыҭаны. Аӡбаҩцәа лакьысра рықәым, ихьыҧшым, Аконституциеи Аҧсны азакәанқәеи роуп знапаҵаҟа иҟоу.

Аӡбаҩ ашьауҕатә ҭакҧхықәра идҵара залшом закәанла иҳәаақәҵамкәа.

Аӡбаҩ изинмчхарақәа имхра ма раанкылара залшом, закәанла ишьақәыргылоу ҵаҵҕәык амамкәа.

АХӘҬАҶ 72. Аусқәа реилыргара аӡбарақәа зегьы рҟны иаартны имҩаҧысуеит, закәанла ишьақәыргылоу хҭысқәак ианрыхәаҧшуа ада.

Аӡбарарҿиара мҩаҧысуеит иалахәу наҟ-ааҟ реиндаҭлареи зинла реиҟарареи шьаҭас иаманы.

АХӘҬАҶ 73. Аҧсны аӡбаратә мчра иреиҳаӡоу усбарҭас иамоуп Иреиҳаӡоу Аӡбара.

Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбара

1) ирыхәаҧшуеит аусқәа Аҧсны Ахадеи, Жәлар Реизареи,иара убас аҳәынҭқарратә мчра егьырҭ аусбарҭақәеи ма аҭыҧантәи ахаланапхгара усбарҭақәеи ирыдыркылаз ақәҵарақәа Аконституциа рақәшәареи рақәымшәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы рыла;

2) ирыхәаҧшуеит аҳәынҭқарреи аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рыбжьара ицәырҵуа аимакқәа ирыдҳәалоу аусқәа;

3) ирыхәаҧшуеит алхрақәа рылҵшәақәеи алхрақәа рымҩаҧгашьеи ирызку аусқәа;

4) азин амоуп иаӡбар иарбанзаалак аимакқәа, мамзаргьы агәаанагара аҳәар Аконституциа иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны;

5) имҩаҧнагоит ашьауҕатә, атәылауаҩратә, анапхгаратә ӡбарарҿиара;

6) Аҧсны аӡбарақәа зегьы ирыӡбаз аусқәа азакәан рақәшәара иашьклаҧшуеит;

7) аӡбарақәа зегьы ирнаҭоит аусӡбаратә еиҿкаарақәа раан изықәныҟәаша анапхгаратә еилкаарақәа.

АХӘҬАҶ 74. Аҧсны аӡбарақәа рықәҵарақәа шьҭырхуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала.

АХӘҬАҶ 75. Аҧсны Апрокурор Хадеи уи инапаҵаҟа иҟоу апрокурорцәеи

ацәгьауратә усқәа реилыргара азакәан иахьынӡақәшәо иашьклаҧшуеит;

иадгылоит аҳәынҭқарратә харадҵара аӡбараҿы; аӡбара иаларгалоит Аҧсни уи атәылауааи рыхьчара иазку ашшыҧхьыӡқәа;

аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи, амаҵурауааи закәандарала еиқәдыршәаз анҵақәа раҧыхра ма рыриашара азҵаара ықәдыргылоит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура аусбарҭақәа ирымоуп иаку аилазаара, урҭ рзинмчхарақәа мҩаҧыргоит иарбанзаалак даҽа мчрақәак ирхьыҧшымкәа.

АХӘҬАҶ 76. Аҧсны Апрокурор Хада имаҵура иаҭареи иамхреи мҩаҧнагоит Аҧсны Жәлар Реизара Аҧсны Ахада иажәалагалала. Егьырҭ апрокурорцәа рмаҵура иеиҭоит Аҧсны Апрокурор Хада.

АХӘҬАҶ 77. Апрокуратура аусбарҭақәа рзинмчхарақәеи, реиҿкаареи, русуреи ҳәаақәнаҵоит азакәан.

АФБАТӘИ АХЫ. АҬЫҦАНТӘИ АХАЛАНАПХГАРА

[edit]

АХӘҬАҶ 78. Аҭыҧантәи ахаланапхгара мҩаҧгахоит араионқәеи ақалақьқәеи, егьырҭ аиланхарҭақәеи рҟны.

АХӘҬАҶ 79. Аҭыҧантәи ахаланапхгара атәылауаа имҩаҧыргоит рхатәгәаҧхара ишиашоу аиҭаҳәарала ма аҭыҧантәи ахаланапхгара алхратә усбарҭақәа рыла.

Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны анагӡаратә мчрақәа рхадацәа Аҧсны Ахада иалихуеит аҭыҧантәи ахаланапхгара аилазаара аҟнытә.

Аҭыҧантәи ахаланапхгара аилазаара аиҿкаареи азинмчхарақәеи шьақәыргылахоит закәанла.

АХӘҬАҶ 80. Аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа ишьақәдыргылоит аҭыҧантәи абиуџьет, аҭыҧантәи ашәахтәқәеи, аҧаралхрақәеи рнапаҿы иҟоуп, ишырҭаху рхы иадырхәоит аҭыҧантәи амал, ирыхьчоит ауаажәларратә еиҿкаара, иҳәаақәырҵоит дара рыҩнуҵҟатә еилазаара, иара убас ирыӡбоит аекономикатә, асоциалтә уҳәа дара рҳәаақәа ирҭаӡо, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәак ирыҵарымкуа азҵаарақәа.

АХӘҬАҶ 81. Абри Аконституциеи азакәанқәеи рыла ишьақәыргылоу аҭыҧантәи ахаланапхгара азинқәа рыҧкра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирылшом. Аҭыҧантәи ахаланапхгара закәанла имҩаҧнаго аусқәа аҽрылагалара залшом.

АХӘҬАҶ 82. Аҭыҧантәи ахаланапхгара усӡбарала ахыхьчара иақәиҭуп, азинмчхарақәа ахы иақәиҭны, ҧықәсларада имҩаҧнагаларц азы.

АБЫЖЬБАТӘИ АХЫ. АКОНСТИТУЦИАТӘ РИАШАРАҚӘЕИ АКОНСТИТУЦИА АИҬАХӘАҦШЫШЬАҚӘЕИ

[edit]

АХӘҬАҶ 83. Аҧсны Аконституциа аиҭахәаҧшреи ариашареи рызҵаарақәа рықәыргылара рылшоит Аҧсны Ахада, Аҧсны Жәлар Реизара, Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбара, Аҧсны Апрокурор Хада.

АХӘҬАҶ 84. Аҧсны Аконституциа ариашарақәа рыдыркылоит Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа рзеиҧш хыҧхьаӡара аҟнытә ахҧа рыҩхәҭак ирыҵаркуа абжьқәа рыла.


Public domain in U.S.
Public domain in U.S.
This work is in the public domain in the U.S. because it is an edict of a government, local or foreign. See § 313.6(C)(2) of the Compendium of U.S. Copyright Office Practices, 3rd ed. 2014 (Compendium (Third)) . Such documents include "legislative enactments, judicial decisions, administrative rulings, public ordinances, or similar types of official legal materials."

These do not include works first published by the United Nations or any of its specialized agencies, or by the Organization of American States. See Compendium (Third) § 313.6(C)(2) and 17 U.S.C. § 104(b)(5).


A non-American governmental edict may still be copyrighted outside the U.S. Similarly, the above U.S. Copyright Office Practice does not prevent U.S. states or localities from holding copyright abroad, depending on foreign copyright laws and regulations.

English | español | français | italiano | 日本語 | +/−